text
stringlengths 0
400
|
---|
Аӡәы иԥсадгьыл иԥсахуеит |
Егьиашаҵәҟьоушәа, иуҳәаз амц ухаҭагьы агәра угоит, угәгьы иаанагоит аномер здыруазар сылзамысуаз ҳәа, ателефон ҿыц ҳзықәдыргылар асра азин усҭоит ҳәа уалҳәахьоушәа. |
Сааԥсоуп акырӡа. |
Игәра ргон. |
Аԥсуа дызларзымдыруазгьы рацәаӡан. |
Урҭгьы мап рцәикма? |
Днатәеит абырг. |
Акәзаргьы ҟалоит, агәаҵа дныҵаирԥшит. |
Иааигәа игылақәаз реилаҳәашьақәа игәамԥхакәа илаԥш рыхго ҳаҭырларҟәрала дацәажәеит уи аурым. |
Уи ҵасс иаԥуп ҳәа игәцарактәызма, ԥҳәыс дзааугаз, ухҵәарц уҭахызма?! |
Схы збон сара араҟа зны стәымшәа, акгьы ыҟамшәа анаҩс, сахьыԥшуа. |
Мамзаргьы аибашьра ианалга, сыҷкәынцәеи сареи абга ҳԥылазшәа, мышьҭабзиала, ҳаибганы ҳалҵит. |
Уигьы акәым, аш-кол нижьзаргьы, ашәҟәыԥхьара агәыблра шимац иман. |
Абарҭқәа зегь иаҳдырбоит ҳамҩашьартә аргама, наџьнатәгьы ҳажәлар рыдгьыл рыԥсы шаҿҳәараз! |
Ҳгәыԥқәа еихшан, Витали шә-ҩык рҟынӡа аибашьцәа иман. |
Ааи, Самсон, уххь згеит, аԥсы ҩынтә дыршьӡом. |
Иҭахоит иара убас Гарик Смыр, Баграт Кәыҵниа, Ҭамаз Аппба. |
Иарбан курсу уҳаирплан ахы ахьхоу иҳәан, аԥырцәа реиҳабы ҵаҟантәи ибжьы слымҳа инҭаҩит. |
Ҳара хықәкыс иҳамоуп жәларбжьаратәи аренахь анеира идуум, аха идемократиатәу, зхы иақәиҭу, ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасаб ала, — иҳәеит иара. |
Анцәа убас сишеит, сшымлаго сыԥсырцазы. |
Аҿҳәарагьы харамызт, зынӡа иааигәан, ахан-иԥацәа рчара мыцхәы идырхиеит. |
Иани иаби ракәзар, рҵеи еигәрӷьан анхара напы адыркит. |
Акыс, уи аҩны иазааигәацәамызт, насгьы, амала иҟан, знык самбакәа сҽынахажьны ахәда анысзык, иагьа аҽарххаргьы, ани ашьацҳәа иаҩызаз сшьацәхыԥқәа иоурыжьӡомызт. |
Апоет илирикатә персонаж ианагь дыԥшааҩуп, аԥсҭазаара гәацԥыҳәарыла дазыҟоуп. |
Ҽынлоу, уахынлоу, уҩагылар иубап! |
Адырҩаҽны Қәыџьмажә ацәа рҟацаны ақьала аԥхьа амра ицәкнаҳалан. |
Ҭандел днеин, ажәытәан ишыҟаиҵалац еиԥш, аредактор имаӡаныҟәгаҩ дынлыдтәалеит. |
Витали Смыр еиԥш иҟаз дмаҷын. |
Агырқәеи ҳареи абас цәи-мҵи реиԥш ҳанбанӡа еишьҭазаауеи? |
Нас ибҭахыз ауаҩ дышбымаз иахьа уажәраанӡа изыбҵәахуаз? |
Уи аламҭалаз, ашкол ахьтә еицны ишааиуаз, Иарна лқьаԥҭа иазааигәахон аиԥш, ақәаршаҩы аарыхьӡеит. |
Ҳаҩны ашә данынхыҵ инаркны дшыгьангьашу сан илдырит |
Аԥшәма иҽгәара иахьҭаз иааҭганы, дыхәмарны акәу ииашаҵәҟьану здырхуада, аӡәы игеит. |
Иуҭаху бзиоуп, иуҭахызар иахьагьы иахьуҳәо суцны сцоит, лхы ҩышьҭылхын, агәырӷьа лабжышқәа кәаԥ-кәаԥӡа иаазхылаз лыблақәа хааӡа инаихәалырԥшит Хьыбла. |
Иабаҟоу, иабацеи, ӡәыр ижәгама сиеҵәахә? |
Аха урҭқәа зегьы узаргамомызт ауаа рҿаԥхьа. |
Иԥсыртлеит ушьапқәа, саргьы уара унапқәа рхы иақәиҭыстәит ҳәа аибыҳәара ацымхәрас, ҳахәдацәақәа ҵибакаауа, ҳшьа каибаҭәауа ҳаибакит. |
Удлаԥса, сыԥсыдоуп, исзыргом сыбжьы. |
Сишь, абар |
Лахьынҵала иахьеиԥшыз азын акәхап, Шоҭа иԥшәма Нора иашьас илырҭаз Бабка саб ишьтәақәа иреиӷьыз акы аарылганы ашаха нахеиҵан, ҳаб Урсҟани Мақьҭаҭи аашьҭибахын, ихҩыкны рашҭаҿы инеины, ирыдныҳәаланы рышьтәа ршьит, рнапала идырхиеит. |
Ари аиԥш зегьы ирылшом. |
Сгәанала, ашәҟәыбӷьыц иџьыба изҭахаз уиоуп, ианизылҩы инаркны ахҭысқәа убас ицон, уи игәалашәартә дыҟамызт. |
Хахол абас изышьҭаз аибашьҩы Алик Ажьиба раԥхьа днаргыланы аӡәырҩы иазгәарҭеит иеибашьышьа. |
Ус рнапқәа ӡык нақәырҭәан, аишәа-чара инахатәеит. |
Иузбамбылхааит Хәыхәыт Бӷажәба узмардаз уԥсадгьыл анышә нап! |
Нас еиҭах дҩагылан, рреит ҳәа ирахә лаиаԥицан, иманы иҩызцәа рҿы дааит. |
Иахьеидгылоу аџықә-џықә иччахуеит, иара ара дзеиԥшроузеи? |
Паганини иҩнхыб аҟынтә иааҩуан искрипка абжьы. |
Иҟалом уара усгьы араҟа унхар, утәанхалар, уааласыроуп, идурбароуп инужьуа узыԥшызшәа. |
Аҵх иауазшәа зызбои чарҳәара? |
Сара исгәалашәом ԥсуа поемак ма ԥсуа жәабжьк, ма ажәаԥҟақәа ззымдыруаз! |
Агәнаҳара ҟазҵо ихьӡоит, ихаҭа ихьымӡаргьы, имаҭа ихьӡоит, — иҳәеит. |
Исацәажәоит доуҳа мчык сҿахәыҭхәыҭуа, исанаҳәоит маӡа-ссирк сыззыԥшӡам. |
Издыруада ҳашнеиуа уахь ҳаиасыр, аха иахьа |
Дмага-маго икласс ашә аҟынӡа днеиит аурок цон аха игәаӷьны изаамыртит. |
Дҩагылан, иҽыкәабаны дышьҭалеит, аиҵбацәа ҩыџьа иманы. |
Сан лоуп акәымзар, уахыкгьы саанҿасуамызт |
Ҭарасхангьы уи ҽеила идыруан аҟынтә, цәыкьа иҿаахан дааит. |
Уи ус шакәу уаҩы ибарҭоуп иара иусумҭақәа зегьы рҿы. |
Араҟа, жәгараа реиԥш аки-аки еидҳәалоуп, еицуп. |
Исыздаруам ишәхысҳәаауа, гәырӷьарыла сара сҭәуп. |
Аҟәа аҵара зҵоз, ақалақьтә хҭысқәа ирылахәыз Иуа иакәым дарбаныз усҟан Нестор дыззымдыруаз, иӡбахә зымҳәоз, знык иадамзаргьы дзымбацыз, инырра змамыз? |
Ианҵоу аматериал ажанртә еилазаара ҭбаауп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп |
Ахра иалиааз. |
Урҭ аӷа хәымга ааха акырынтә ирҭеит, абџьари аџьаԥҳани шамаха зегьы убрантәи иргеит. |
Дышгараз аӡӷаб уахык ауасеи аџьмеи иԥсҭҳәаны даарылалан рыбжакы ԥхасҭахеит. |
Изҿыз ауада ҳаннадгыла, сцәа-сжьы аасхыбзааит. |
Изуазеи, саџьал аама, схы хәымкәа ахәырбӷьыц шԥақәсҵо! |
Арҿиаратә Ҩны имоуп амашьынақәа, адгьыл, аԥсаатәи аԥстәқәеи, аӡәырыҩгьы амаҵ азыруеит. |
Ҳасас абзиара иқәзааит, акырӡа сирҷкәнит, иажәыз аҵлагьы аҿара аҭахуп, уи азыҳәан ауп џьара-џьара махәҭақәак захылҿиаауа. |
Уи иваиаз дҩаҵҟьан ихы ахьынахаз дыҩт. |
Асҭамыр, ихы нхьарнаашәа, нымҩахыҵ игылақәаз аҩнқәа рышҟагьы дынхьаԥшит. |
Амшын ӡыҩӡа, каршәроушәа ҳхуп, Сухуми адәаӡа еиҩнарссошәа иагәылнаҳәо ашьҭа ада шәахсҭак анӡам. |
Аҽеиҭакра аамҭа фырхаҵароуп, Иреволиуциоуп аҟазшьа. |
Абас аҭагылазаашьа аныҟала, Џьали-иԥа Џьамарды днеит Ҭаскәач-иԥа ҳәынҷа иҟны. |
Ахала аныда исзааит зынӡа ишыхәыҷӡаз. |
Астатиа неиҵых аҿы хымԥада дызвымсшаз арҿиамҭақәа ыҟоуп. |
Сҽы маҷк сҩангылазшәа снаихьԥшит, схаҿы цқьа исырбар, арҭ исҭахны сышрылагыламыз еиликаарц. |
Ҭырқәтәылан аерманқәеи абырзенқәеи аныхдырҵәа, Аԥсныҟа рхы дырхеит. |
Алитератураҿы имариоу жанр ыҟаӡам. |
Ҳара иуаҳамҳәази. |
Ақалақь иналҵын, аԥсара иҵала иҩеиуан, рҩыџьегь ргәы иҵхоз изаламцәажәаӡакәа, даҽа усқәак рыӡбахә рҳәон, ирҭахыз инадгылаанӡа. |
Ус ажәабжь ҳаҳауеит Аҟәа ҭадырцәит ҳәа. |
Иаха Ламара, узҭахым ҳазшаз ирзиуқәо умдыруеи, ҳәа ансалҳәоз, жәабжь ҿыцк сызцәырылгарц даҿын, бара илыбмырҳәеит. |
Ахҵарақәа зныз аҵлақәа еицәыхарамызт. |
Абыржәы иуҳәоит, исаҳауеит, уара ишуҳәаз еиԥш дуаҩ дуҵәҟьазар, саргьы исаҳарын, џьушьҭ! |
Аҵаҟа иануп апочтаныҟәгаҩ хәа иара инапы аҵаҩны. |
Аҟырҟырҳәа аӡә дыччон, са сахьгылаз уа схаҳәхон. |
Ари ас акәымхар ҟаломызт алитература аныҟала, ианаԥҵаха аамҭазы. |
Рыбжьы ныҟәызгоз аԥша шарԥазын ихьшәашәан. |
Ус шаҟаҩ бжьахада! |
Март мза даҩызоуп, днаҳәы-ааҳәуеит. |
Ус иҟоу ауаҩы изаауазеи, џьаҳаным иҭыԥхеит! |
Абри амҩа шәанымлан, сара сыԥсы ҭанаҵы шәықәысҵом, аха сыԥсыргьы абри амҩахәасҭа шәанымлан, шәара шәзы имҩа мыждоуп. |
Иара игәы иамузт, дыцхыраарц дынрылагылт. |
Убри аамҭаз уи инақәшаҳаҭхеит аҵкыҟаԥшь. |
Уаҵәуха дыԥсраны, иахьа ахәылбыҽха, бхала баатәеишь араҟа, акы басҳәарц сҭахуп, — иҳәеит амца иҿатәаны дшыҟоу мҩашьо иҿы аарла еихихуан, ицәуадаҩӡан ацәажәара, мчыла даҿын акәымзар |
Шырԥазык зылаԥши, згәеилгареи, згәашьамхи еицнаргоз бчараҳ еиҿамск бахәык даҿаланы днеиуазаарын жьҿак шԥасаҭәаимшьари ҳәа дгәыӷуа. |
Ахьатә кәасқьа абарҵа данаақәгыла, иаха шаанӡа зҽеихәларч иҟаз ирԥҳақәа арыцқьар аҭахызшәа, ааԥынтәи аҳауа ҿыхьҭа гәабзыӷӡа иааиҿахәмарын, нас иҟарҟ ҷыда ырчахә-чыхәуа, иҩнуҵҟа ааимнадеит. |
Ахьҭа сымԥсындаз сшыԥшуа |
Subsets and Splits