text
stringlengths
1
1k
Абриаҟара ари азҵаатәы ҳзаланагалаз хәы-шықәса рыҩнуҵҟала Баграт Актәи илшеит Аԥсуа Уахәама автокефальра хазы аҟазаара рылаҳәара.
Арахәгьы зуҭахузеи, дара еижәибаҵа арахь рҿаарымхои уздынҵәалахьаз унхара рызныжьны унаскьар!
Ҩада ашьхақәа цаӷьцаӷьуа аиааира згаз аҽыҩ ҭоуӷанқәа реиԥш рхы шьҭкәыцәаа игылан, лада аҵа абзиабара ду ҭажьушәа, аҭра иҭамгыло еисуан амшын, ақәыԥсычҳара иаҿын.
Аха араҟа, ҳара ҳтәала, даҽа зҵаароуп аҵакы змоу.
Иаҳҳәеит ҳәа, ааӡарамшха, еибашьреи-гәаҟри зегь рышьҭахьҟа ианынрыжьхьоу аамҭазы, дара абас, иаалырҟьаны аибашьра рзыҟаларцу?
Арахь аурысқәа рҿагылара егьҳнаҭом ҳәа иаахтынгьы егьиҳәомызт.
Аҳакан ԥҳәыс бырг лыԥсра, изаҳаз ргәы ишалсызгьы, уажәраанӡа ӡыҭра зықәӡамкәа ишьҭаз ҵаак аԥсасира иалагазшәагьы ирыдыркылеит.
Рыгәлымҳа дагәоуп, дад, урҵаҩцәа, убас сызраҳәа.
Зыԥсҭазаараҿ акрызбахьаз ауаа ҟәыӷа дуқәа аӡәырҩы, ԥсҳас Аԥсны иахашәыргыларц иаажәгаз ҳҵеи иоуп, аха ихәжәаны иҟашәымҵан, аццакра аҭахым ҳәа ицәажәеит, егьырҭ аиҳараҩык абыржәаҟара иаамҭан шәмаацт, хырԥашьа змам усуп ҳәа иқәгылеит.
Уи длакҩакуа ажәакгьы имҳәеит, абгагь иааҵәа инҭаиртәеит.
Аԥышәара сахижьуашәа, иажәа ахыркәшамҭаз дсазҵааит иаалырҟьаны.
Инықәҵан сҿаԥхьа зегь анысшәа, иреиҳамхагәышьеит зны иреиҳаз.
Аӡын ҩына-ҩына, ҩаԥа-ҩаԥа, адәахьыҟа ҳаҩуа ҳцап.
Шәҩызцәеи шәареи исзыншәыжьыз агәалашәара бзиаӡа агәаӷьра снаҭеит асалам шәҟәы аҩразы.
Уи аизга еиднакылаз рахьтә идеиатә ҵакылеи, тематикалеи, поезиатә ҟазарылеи иаарылукаартә иҟоуп ажәеинраалақәа
Иҟоуп абри апропаганда хәаԥса иаашьҭнакәыцәааз егьаумҳәан, ахатәы бызшәа амч амоуп, аполиак ибызшәала, иҩыза аполиак илымҳа дааҟәымҵӡакәа дҭахәыҭхәыҭуа далагар, акы аҿы дкылигоит.
Убырҭ зегьы алҟәшәаны икаԥсазароуп, мамзар уашьҭан аҩы азы даара иԥырхагахоит, абжьеихаразы аҵәыҵәразы уксусное окисление.
Бзиа иубаз илуҭеит иулшаз уажәақәа, абаҳча шәҭы ҿамхеит, зегь уркәыкәит!
Мап, аурысқәа ас изеиқәахом, аукраинцәа роуп иеиқәахо, издыруада дукраинзар?
Ассир раҳазшәа, инахыҵәеит зегь рыччабжь дунеик.
Амала, сара иџьасшьо удыруоу, Баӷь-цым кьыкь, абри сара скьаҿ кәыжә-кәыжәны иқәызҵаз, снапқәа зехьынџьара ицәыԥԥны ршьа аазгаз амыӷқәа, усс иума ӡамкәа, ихыҟаҟааны иахьуфо ауп
Амш ҽаԥарак аҟара иазҳаит ҳәа, убас ҳаргьы ҽаԥарак аҟара ҳаԥхьаҟа ҳнеихыеит ехьа.
Шәарҭ кавказаа даҽа-шьоукы шәанрабашьуа шәхацәоуп, амала атәым даншәабашьуа, шәыгәра агара уадаҩуп.
Мап, мап, ус ҟамлароуп, дыццакыроуп, дызхьымӡац игәҭакқәа зегьы рынагӡара дахьӡароуп.
Аофициантра рҵарц азы хышәҩык раҟара Одесса иганы ҩымзтәи акурсқәа ирҭасҵеит, егьырҭ Пиатигорскҟа изгеит.
Урҭ рахьынтә илбон Асида алашәцәа-чымазцәа, рыбла ҭаӡны иҿаҳәаны, шьоукы-шьоукы аҵәҩан еиԥш иадырсызшәа, уаҳа хаҿааиҭакшьак рымаӡамкәа еснагь џьарак рхы рханы атыша лашьцара ду иҭаԥшуаз
Уара, – иҳәеит Таиф аԥсышәала, мааҭқәак сымоуп, ақашьфарҭаҿы днаганы ҳаҭырк лықәаҳҵап.
Ирҳәоит, амандаринааӡарахь иахьиаргаз зхароу ԥаса преседателс ирымаз иоуп ҳәа.
Аха иумбои уанымҩасуа, амала, амалаҵәҟьа зыхьӡ анылаз ианпыҟҟа.
Мацәысеимҟьаран Аԥсынтәылан аԥсуа Леон диит рҳәеит.
Издыруада, Адица даалгарц дахьцаз дынхазар Мери ҳәа сгәы сынҭахәыцит.
Атәыла, ҵабыргынгьы, ибгеит, аха усҟан ус зҳәақәоз ҩымҭа хырзаманқәак рнапы иҵыҵны макьана аӡәгьы имбац.
Убри аҽны инаркны, амаланыҟәа ааҭымҵӡакәа Адгәыр ихы иҭан, игәы иҭыхон, иԥхыӡ иалан.
Ишыжәдыруа, урҭ техникала ҳара ҳаҵкыс еиқәшәаны иҟоуп.
Ахақәиҭрахь шьарҩашла илихит уи имҩа, уажә алуқәа ҩба еицлагашьак рымам, аԥсуа игәнаҳа иаҵоу, шьҭахьҟа уажә ихьаԥшуа, ухы аҿаԥхьа мацароуп, иудыруаз, уахьашшуа.
Урҭ зегь ус рҳәозшәа игәы инаҭон
Шьоукы ирҳәон, Гәдауҭа иалсны Ԥсырӡхаҟа амҩа иқәлахьеит ҳәа, даҽа шьуокы ирҳәаухан, ԥсырӡхантәи Аҟәаҟа амҩа иқәлахьеит ҳәа.
1985 шықәсазы дҭалоит Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет, далгеит 1992 шықәсазы.
Ушахымццакра аӡәгьы сҵәылхра, иихәыцқәоузеишь ҳәа сцәа схыхра.
Рыгәра иго-изымго, мчыла иҽыҟажаны данырнышәа, иара ихьыԥшны иабрагьуа абна илазгьы еихьышәшәа-еиԥышәшәа илҵуа иалагеит, иаргьы дшааи-шааиуаз, ирбжьаз ақәыџьма еиԥш, аӷьараҳәа ахышқәа ацхыраара рыҭо иҿааихеит
Исылшом акькьыҳәа ашәа ҳәо саақәтәарц, сцәажәар сҭахуп сара сгәаҵа ҭыӷьӷьа
Ацара сҽазыскаанӡа сган аҿы иадгылаз адулаԥ сазааигәахеит.
Ашҭа ҭбаа-ҭыцәқәа шьац иаҵәала ихҟьоу, ашҭа цқьақәа, аҳабла гәарабжьарақәа, абнара, аӡиасқәа, акәарақәа, аӡыхьқәа рыгәхьаагара апоет ихы-игәы иҭоуп.
Сбызшәа Нарџьхьоууп, игәырӷәӷәагоуп, Сбызшәа Браскьылуп, уи Сасрыҟәоуп.
Биарҭаҿы бышьҭоуп аха ани бшьапаҿы ишьҭоу дбымбаӡеи!
Ахандеиразы иуҭозеи, ирҳауа амал ахы изаҭом акәымзар, – иҳәеит Манча, ибжьы хьырвырӡа, ианцәхыԥ аҟәнақәа зқәыз имаҟа иавҵаҵа дахьгылаз.
Иаҳгәалаҳаршәап Дырмит Гәлиа ироман Камаҷыҷ ахадаратә персонаж ахаҵам-ԥҳәыс зырҳәо аԥсуа нхаҩ ԥҳәыс Камаҷыҷ лхаҿсахьа
Жәыжә дызҿыз аӡ тара дааҟәыҵын, дыҩуа акамбашь днахьӡеит.
Ахы цаҳәцаҳә аламло икьакьоуп, иԥҽуам, ашьанҵа еиԥш иӷәӷәоуп, аха ахҵәара мариоуп, ишуҭаху иуцәыр, иушьалашьыныр ҟалоит, итаруеит, иуҭаху шәыгас иаднамкыло акгьы ыҟам.
Ашьха ихыҵ ауарба иҭалаз, гәырҩала дазԥшуеит аԥҳәызба.
Иҳазгәаҭом, лассыласс ҳазхәыцлом акәымзар, абри, ашьхымзааӡаҩ Пиотр Кәаӡба иеиԥш зеиԥшу роуп ҳаԥсҭазаара уасхырс иамоу.
Ҳәарада, мчы ҳәа акыр ыҟазар зегьы ршьапы иқәгылеит.
Ари ламысуп, ари ԥсуароуп, Аԥсуара шәагымзааит, ҽаанбзиала шәнеиааит!
Уи иагьаҿаԥсаауеит, аиҳараӡак иҩыза Изеҭ дақәифоит аҵахарақәа зегьы зхареитәуа Изеҭ!
Ихамацәысуаз аԥшатлакә ихԥааны иагазшәа инеихҟьеит, уажәраанӡа дызлаз ихәыцрақәа, аха ибыл-былуа хьаацәгьак игәы иныҵалеит, нас идақәа ирҭаланы зегьынџьара аҽааихьнагӡеит
Азҩа зӡаз иан дагеит рҳәоит аԥсуаа.
Араҟа зегь реиҳа ихадароу Мсоусҭ ибзиабаратә цәаныррақәа адемонстрациа ахьырзимуа, урҭ рыҟажара ахьилшо ауп.
Аха апоет қәыԥш уи ҿԥныҳәас иҭара гәнаҳароуп.
Абгалаџ дыршьа имамызт Гәашьанеи ас дҭашәаланы лыҟазаара мзыс иамаз, аха уи аԥҳәыс ҿа лхаҵа иҭахара, лыԥсадгьыл лымырхырц иахьаҿыз рнаҩсгьы, абас дҭахәаҽны дҟазҵаз ҷыдала митәык дшаниаз аҟара игәы азҩахьан, акысгьы, ҩымзы наҟьак аламыс захьӡу ззымдыруаз ампыҵахалаҩҵәа рнапаҟны дшыҟаз идыруан, ҩбагьы уара иузымдыруа ак ыҟазаргьы иудыруеи иҳәахьан Аԥыза.
Ажәла иҟьоит уи амхаҿы, анасыԥ ду ықәлоит усҟан ихаҿы.
Абасҟатәи уааԥсыра зегь ззыԥшу уаҟа дцәырҵран дыҟан.
Уи иазкуп Горки диижьҭеи шәышықәса аҵра.
Лхәыцрақәа џьарак хырхарҭа рымамызт, ԥша ӷьык рыласызшәа еилаҩынтуан, аха ахәылԥаз лгәыла Расҭа иаалгәыдижьлаз ахырзаман, зегь наԥхьанаҳәҳәеит, лнапы наргӡаны астол иқәыз агазеҭ ҿыцқәа ла лышҟа раахараҵәҟьа лылымшо аҟынӡа дҭанаргылахьан.
Дкыдҵан дыршьыртә аизараҿы дықәгыланы ицәажәоз, уи дҭаркыртә аҟаҵара мацара акәым, иааилшоз ала Аԥсны аҭира иаҿыз, убри ацәгьаҳәаҩ ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа иахӡыӡаауа том-томла иҭыҵуеит ҳаамҭазгьы.
Адрамаҿы аԥхьаҩ дызҿыԥшны, инагӡаны иҵоуроу ззуҳәашаҵәҟьа хаҿсахьа уԥылаӡом.
Ижәны иҟоуп зегьы рцәа азна, иашьны ишьҭоуп рыхқәа ларха.
Изӡар ҟалон, Аха исызӡом, Уи, ҿымҭкәа, снаҵалан сызцом
Аԥсҟы зкыз Ҭырқәтәыла еиҳау аҵара далгахьеит.
Анапаҵаҩра иаҿагылаз ргәаанагара ашьҭахь саргьы уи сазкылст, аха уи ашьҭахь ауп.
Иахьатәи аамҭазы шьҭахьҟа ҳнаԥшны ҳазнысыз амҩа гәаҳҭозар, урҭ апартизанцәа ҳәа ҳазҿу аӷа иҿагыланы ирылшахьоу ҟәнушьаратәы иҟам.
Света Мальченко автомат атәгьы ԥыҭчыҭқәак лҵахьеит.
Урҭ, агазеҭ аӡбахә ара ианцәырҵ инаркны, сара зынӡа саартымхарц ишааԥхьаз дырны, ршәара анырхыԥсаа, ҳанбоурыжьуеи ҳәа адәахьы ргәы рыхо иалагахьан.
Даҽа хирургкгьы, адырра злаирҭаз еилкаашьа амамкәан, арахь дыццакуан.
Абри аус ԥшьа анагӡара иагьымариоуп, иагьуадаҩуп
Лаврентгьы, инирԥшуамызт, аха ишьара дықәҟьаны аҩны дыҩнан.
Амала, аԥсуаа рцәажәараҿы ацыҭәҳәа еиԥш слымки ҳәа нханы иҟоуп.
Уажәхьазаргь, уҩагылан иабыкәу уахьымцо, уара уаԥхьаҟа Венециа анышьҭоу!
Ахра схы злалцәызго акы ыҟамкәа иҟаларым, Ибдыруазар, иҳәа!
Уи иара ишиҭахызҵәҟьа измыр џьбаразаргьы, зегь акоуп, иирдырит иара иҟаиҵақәоз урҭ иахьа ус баша ишақәымтәоз, уажәшьҭа ишаарылыжжуаз, нас ишԥа, ахахә уршыргьы иԥжәоит.
Урыстәыла анҭыҵгьы еицырдыруа аурыс шәҟәыҩҩцәа, егьырҭ амилаҭ шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы, иара хаҭала дахьырзааигәазгьы иабзоураны иақәыӡбауа рыбжьы ақәдыргеит ақырҭуа фашистцәа иаԥшьыргаз аибашьра шиашам, ишламысдароу аԥсуаа рҿаԥхьа!
Зны иартистцәан, нас ишәҟәыҩҩцәан, ҽазныхгьы аҽырыҩрақәа раан аԥхьахәқәа ргон.
Амҩан уа зҳәаха иахьымӡаз, сааҵраҿ ргәалақәа рҳәоит.
Дахьааиз зегьы иеигәырӷьаҵәа дрыдыркылеит, Ҭориа Гәыдунагьы хазы ҳаҭырла диԥылеит.
Бара бхәыҷуп уи ҳәара аҭахым, сарагьы споетӡами, зашәа ԥкым?
Шәааи абри аҵас иаԥырхыз ацынхәрас аӡӷаб диргьы ихысуа ҵасс иаԥаҳҵап иахьарнахыс, избан шәҳәозар, аԥҳагьы дуаҩыми Шьарифа ишылҳәаҳз еиԥш, аԥҳа бзиа аԥа иаҵкыс дызлеицәоузеи?
Ари имаҭәа, иҩыҭәа усҟак уицәнымхо уҟоума, уҽы иҭо, егьиуа игәырҩа уагозар, уизашшырц арахь шәзаауаз?
Ауаҩы ажәлар еизганы ачара иуеит, ачарауаа ахаршә ршәоит, изахьӡузеи ахаршә?
Убра сахьыҟаз, Ашәлашара аасгәалашәацыԥхьаӡа, Чаӷьыр ашьҭыбжь слымҳа инҭаҩуан, ихаԥыцқәа иаанхазгьы, амца ахьылсыз абнеиԥш, ихиқәаҵәаахҩежьааӡа иаарԥшуа, дааччеит Арсана.
Ааԥын шәҭышра зныруаз ԥҳәызбак, рыжәтәны илылсуан, дарҳәацәон.
Ус анакәха, Аԥҭа уара уаҵкыс алшоит акәу?
Сара абри ҳколнхара сахагыланаҵы изуам анысҳәа, изуам!
Ара санааига, алифҭ снеиҭан, шәышә аҿаԥхьаҵәҟьа сыҩханагалеит уаҳа закәыхзеи!
Аԥсуа милаҭ ҳаԥхьаҟа ҳәа ҳазламхәыцуа злоудырра мариаӡоуп.
Сумхәаҽын, аҵх-лашә, усхаҳан, схьаақәа маҷк еиқәыртәа.
Иҟам, иӡуп, аҵх-лашә акәа иҭаршәны иагахьеит.
Бесик акы даназхәыцуаз, иҟазшьала иан еилылкаауан ихықәкы.
Даду, ихылԥа ааихыхны, иахьа шәишәик ҳҽалаҳагӡоит, аха ҳаԥхьаҟа ашьтәақәа кажьны изаҳшьыртә аҵара ду иҵо, ахьӡ-аԥша иоуа иҳәан, дныҳәаныԥхьеит
Сара сбызшәа ашьха баллада адгьыл ныжьны хыхь ихалан
Ҿырԥштәыс иааҳгозар, сара абарҭ ацәаҳәақәа зыҩуа аԥсуа мифологиа аҵара саҿуижьҭеи акыр шыҵуагьы, абри ароман аҟнада акьыԥхь аҿы џьаргьы исымбацызт Шьырынаԥсҳаи, Амшын дауи рыхьӡқәа.
Амала, еиҳа еиӷьын самыԥхьаӡакәа иԥыжәжәаны икасыԥсазҭгьы, мамзаргьы изблызҭгьы
README.md exists but content is empty. Use the Edit dataset card button to edit it.
Downloads last month
0
Edit dataset card