text
stringlengths
1
1k
Жәҩан ҵаула сгәы архыҭхыҭып, сшәап сцаӡар ҳәа зны сыбжьаӡ.
Дадуи Аԥсуареи аҟәша аҿы исҳәахьеит, уажәы еиҭасҳәоит ачаӷьа иахҳәаау ажәлар рҳәамҭак.
Аха сымҩа хароуп амашьыназ, адәыӷбагь гәырмаҷгоуп
Ари сҩымҭаҿы Татиана Еснаҭ-иԥҳа лыԥсҭазара аганқәа зегьы ҭҵааны иаасырԥшуеит ҳәа хықәкыс зынӡаскгьы исымаӡамызт.
Абӷьы иаҵәа рыҵаԥса, рнапы ааԥса рыкәаԥса Акашәарах Кәаташьи аҟәџьали аҿы
Едуард Қоқоиҭы диит жьҭаара 31, 1964 шықәсазы. 1988 шықәсазы алада уаҧстәылатәи арҵаҩратә институт далгеит.
Иан кри-алҵон, иара дтәан, аха ҽанк дыхҭалкыхт иан
Абри амҩаҿы зегь реиҳа дшәарҭоуп зхада хы зҭахым, ажәлар зегьы ихьааушәа дцәажәо, арахь их иазеиӷьу ада даҽак иазымхәыцуа.
Усҟак иџьаумшьан, уи башангьы иҟамлеит, ԥеиԥшк уаҳарц уҟоуп иахьа, Сасрыҟәа!
Убасҟан ауп ара дуқәа зықәгылоу адәыԥшӡа
Абарҭ ароманқәа акырӡа зҵакы ҭбаау, сахьаркырала ихәыдам рҿиамҭақәоуп.
Амаца иасуа, абри аҟара сцоит ҳәа ианықәиҵо еиԥш
Ажәҩа аҟьашьеи, аԥра ахаргылашьеи, аԥсҟы акышьеи, иара убас амшын аныцәгьахаша амаӡақәеи уҳәа, иҳаимырҵоз ҳәа иҟази, сабгәышьа.
Амра ашәахәа аман ианҭашәа, иаразнак иааилалашьцеит.
Зегь акоуп ари рмацәаз кәымпыл зыԥырраны иҟаӡам!
Ихәда адақәа ргыланы, иблақәа ихагәҭахь икылцаны иаӷьра даҿуп, аха ишԥа.
Очамчырантәи амҩан ҳахьаауаз аӷдараҿы акамбашьқәа, ажәқәа уҳәа изымбацыз адәыӷба анырба, ирҳаны, абна хыла иасны, инылабга ицон, урҭ уаха игәарымларгьы ҟалап.
Машәырнгьы ирымпыҵымҵит ҟәындҟәындрала, хәыҭхәыҭрала, ауҳәан-сҳәан иеиԥшу ажәеинраалак.
Ашәуаа раҳ Пту Лахьа Лыхны ақыҭантәын.
Ашәҭышқәа рдацқәарҿ ианыҟамла ԥхарак, ааԥынра инаханы имҩасит.
Арантәи ақыҭа зегьы унапсыргәыҵа ианушәа уалаԥ шуеит, зыҽ иашьҭоу, зырахә ҭазцало, ашколахь ицо, авто-бус иазыԥшу, ма иҿҟьа-ҿҟьа уск иашьҭоу.
Аус злоу, иара изы иуадаҩыз даҽа земанак изцәырҵит
Ари атермин асоциологцәеи антропологцәеи иҳадыргало иӷару ауаа рынхашьа-нҵышьа аиҭаҳәаразы иаанаго уи ауп, аӷарра иалааӡоу абиԥарақәа иҷыдоу анхашьа ишашьцылоу, анаҩс изызҳауа абиԥара ишрымардо.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥҵоуижьҭеи ԥҭ шықәса аҵра еицазгәаҳҭоит, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит.
Аҩажәижәабатәи ашықәсқәа раахыс Аԥсны аколониалтә политика мҩаԥызгоз ажәала акы ҳәаны, аусаҿы даҽакы ҟарҵозҭгьы, арҭ ражәеи руси акоуп.
Аԥхьа сшьапқәа насыҵшәааит, аха нас иҟаԥшьхан, идыст.
Дызлаҳарио цәарҭа иажәланы иҳазкҿаӡам, аха егьоурым, џьара акы ҳаԥшаап.
Ыы, абилеҭкәа згахьеит, сҳәарц сҿы иҩаныххылаҩаныххылан, аха, дызкаҷбеида лҳәар ҳәа сшәаны, сҽааныскылеит.
Шышкамс хкык ыҟоуп, абажә ианалҵуа, амҵәыжәҩақәа амоуп, нас иара ахала иҿнафаауеит амҵәыжәҩақәа.
Рхала иргәаԥханы ирыдыркылаз европатәи акультура мчыла егьырҭ ажәларқәа ирыдгыло иалагеит.
Ҳраҵлеи ҳҭәаҵлеи еиқәҿырҭуан, рыбжьара ҳхәыҷра агәы ҭԥраауан.
Наҟар ибзоураны анхацәа еилыркааит еидгылар акыр шрылшоз.
Зеиԥш уаҩы иимбацыз аҭынчраҿы иуаҳаӡоз абахә еиҩжәара ибжьыҩрны аԥшаҳәа ианыҽҽалоз аӡиас ашьҭыбжь акәӡан.
Аӡӷаб илҭахыз ацхыраара лоухьан, уажәыҵәҟьа адәны игылаз аказы узиҳәомызт, шьҭа аԥшра, аԥшра, адырҩегь аԥшра.
Ичҳаны усзыӡырҩла, Заурҟан, – иҳәеит аублаа арԥыс Саид, ҿыцха дышьҭаԥшуа.
Аҷкәын деиқәханы ашьха данылбаа, ԥыҭрак Гәдоуҭа ахәшәтәырҭаҿы дышьҭан, ашьҭахь Москваҟа дрышьҭит.
Абраагьы арԥарацәа рыгәҭыхақәа аниҵеит, еицәажәеит гәаартыла.
Иаанымхози, рыцҳа, иҭацәны, ауаҩы урҭ ирнимҵазҭгьы ишьҭа.
Амала, уи аҽны лара лыда хьаа имамкәан, дганы дааигарц иҭахын.
Гәыниб ҳәа иахьашьҭоу аҿаҩа дгьылаҿ ауп ари ахьыҟалаз.
Знызаҵәык, знык снабҿаԥшыроуп, уаҳа рацәакгьы сҭахым.
Ишәыхьзеи, уара, ӡӷабк дышәзымԥшааи, абырсҟаҩык ахьгылоу?!
Мшын ацәаҳәа алдан, ашьҭа нанҵа, аӷба шкәакәа наскьоит хараӡа.
Ааи, аха иаҳшаз иахьатәи амш хьӡы амаӡамкәа иаанхома?
Ҳара ҳаиԥш, шәаргьы шәақәиҭыз, ишәымаз, шырҳәоз ииасит хаҵаҵас.
Ус, амҩаду аганахьала лҿаалхан, дшәаԥырҳаԥуа, днаԥшааԥшуа дара рахь дааскьеит ԥҳәыск.
Аҳазарқәа ишырҵасыз ала, ларгьы лаԥхьа игылаз асаара-ҟьаԥс кәац жьыхәҭак аанылхын, ҽыҭк аамылхит.
Нас, ахәыҷқәеи бареи шәышԥеибабо, ирҳәозеи, сыгәхьаарго иалагахьоума?
Абасала аԥсуа ҭаацәа рҿы иҟаз аилибакаареи аҭынчреи еилаган.
Ицаҵәҟьарцу аамҭа схысны, сӷәыхны, сус-ҳәысқәа мбаҵәҟьакәа акашәа?!
Усҟангьы абасҵәҟьа длаӷырӡышо, деиҵақьуа дигәыдкыланы дгылан ибла ахԥшылара иацәыԥхашьоз Асиа.
Абри ашәҟәы бзыҩны саналгалак, лара илысҭоит, уи ибылҭап.
Иахьагьы убри арыцҳара аҵыхәтәа ԥҵәамкәа иааиуеит, игәы дынҭаӷызшәа ауп абарҭ ажәақәа иҿы ишааҭшәаз Џьармаҭ.
Ажәак иамҳәакәа, иалҳәаргьы, иара акыр ихаразшәа, иша жәа мҽыӷхоз дырны лҽаанылкылан, днаидҟьаны дыҩит.
Игәаҵан ицәахьаз агәхьаагара зегьы аҿыхара иаҿын.
Чаик ыжәны дахьаатәаз еиҭа ацәа иқәҳауа далагеит Разан.
Аџьба иажәеинраалақәа рыла ауаажәлар ирылаҵәахьеит, хыԥхьаӡарала ирацәамзаргьы, иԥханы, игәахәаны ирыдыркылаз ашәақәа Барион дугәалазыршәо
Уи леиԥш иҟоу роуп амҩа зҭатәу, уареи сареи иҳауҳәозеи!
Иҟаз аиаша, ус аԥсы ҭаз, ибзиоуп, дара ианырԥырхагам!
Абду Филатгьы ихиҿы неихамч чакәа дыҟам, аха абнаршәыра илаӡыз амра ашәахәақәа реиԥш, уи иԥышәырчча, иԥаҵа еилачқәа инарылаӡ ицеит.
Еиҭа сеибакәеибаха, снасыԥдаха шьоук ргәараҭа сықәхар аҵкыс, аҟамзаара еиҳа еиӷьасшьахаҭаҵәҟьон!
Уажәраанӡа амҿы злалихуаз иеихаҟәала аҟәақ-аҟәақҳәа дааҟәымҵӡакәа ихагәҭа аӡә дасуазшәа ибон.
Ахьча ласба ладухеит, ашьҭахьтәи ашьапқәа ирықәгыланы аҽанаашьҭнахуа, гыларыла Денуар инаидҩыло.
Ушысымбацызгьы, илакәми, усҭахыхын, арахь, сдәықәлан, мҩабжара саанҿаст.
Уи ҳара аԥхьаҩцәа ҳихҭыгәлоит мҩа харак ахьынтә данаауаз дахьынтәаауа конкретла инҭкааны аҩымҭаҿы иҳәам, аха иҩашьаӡом Урыстәыла ихароу дгьылк, қалақьк шакәу, иқыҭа Аԥсара данналалоз аамҭазы.
Ҵарауаҩык, ҭоурыхҩҩык, насгьы уаҩԥсык иаҳасабала уи аҩыза апозициа аанкылара иаҳәоу рацәоуп.
Дасгала исызшәа дааҭрысит ашәаҳәаҩ, аха ибла џьа иааихамҟәысит дахьыԥшыц дыԥшуан, ашәагьы, аӡыблара еиԥш, иеилагьежьуа иааиуан.
Очамчыра ақыҭақәа рҿы, алашара зма-мыз, амашьынақәа рҿы акуммулиаторқәа ирҿыганы еиҿ кааны иҟарҵахьан, убри алагьы, Гәдоуҭантәи аԥсуа радио иаҳәоз ажәабжьқәа зегьы уахь инаҩуан.
Абас иҳәаанӡа ҳәа дыԥшызшәа, уажәраанӡа зныкымкәа Гана иибахьаз ахаҵа дааҩналеит.
Геи шьхеи ааимсырҟьеит ҽыкәабалла, схаҵахаз џьысшьан, ашьҭахьшәа.
Аԥсны иҟалақәаз арахьгьы имаап ҳәа шәыҟоума?
Шәеицәажәала, шәеицәажәала, сышәԥырхагам, – иҳәан, хырхарҭак имаӡамкәа агәарԥ днықәлеит.
Уи, аиашазы, естетикатә гьама ҳаракыла, ҟазарыла иҭыху Италиа афильм, ахәаԥшра агәаԥхара умоурц залшом.
Ҳара ҳазхара иаҳзылбаадомызт аԥшаҳәа афҩы хаа
Саб симышьҭырц далагеит, аха аҽаԥсра сҽанықәыск, гәыԥҩык сыцҵаны сдәықәиҵеит.
Аӡә идамхаргьы дубар амуа адгьыл укәзар гәаҟроуп уара узы.
Ак ықәҵо, ак ықәхуа, абар, лара уажәы аҟәынақәа реиԥш абҩатә ҵәымӷ хыгьежь хәыҷқәа зылпыҟҟа иҟоу жәытә шәындыҟәра дук дахьнадгылаз.
Иаҳауеи шьыри, убри ааган абра иумазар, ма уара уахь узцар имыӡцзар иага уанаҳәарын!
Ардзинба В. Г. Нартский сюжет о рождении героя из камня // Древняя Анатолия. — М.: Наука, 1985. — С. 128—168.
Цәырҟьа-цәырас иааиуа уарбан, аҩнқәа уҽрывакуа маӡа.
Уа, абра, уи бара бижьеит, дызлацаз амҩа саҳәа са сишьҭалоит, – иҳәеит.
Ашьыжьымҭан асааҭ жәба рыбжазоуп араатәи аамҭала, ҳара ҳҿы жәеиза рыбжа афирма Норд Наити асқьала ҳанынкыдҿарҳәала.
Нас атрымҳәа инеиҭаԥан, Уаҟа инаҵалт ан, Пата хәыҷгьы илаԥш аҭан, Дхәыцуа дазыԥшуан.
Апатронақәа усгьы иауреигӡахуаз, минуҭқәак рыла, ԥенџьыр зхылаҳәоу ҳәа акы аанмыжькәа, иԥыххааса еиларҵеит.
Лыкәҷарақәа зегь ахьшь илцәагазшәа, ашҭа дықәгылоуп, илҿашәышәуа аԥша.
Уахык акәым, шықәсык сыҩнакны симазаргьы, исҭахым иҿы саангылом.
Ари аџышҭра зкәаҳада сҳәахуеит, уара уакәзаап!
Апоет акакала ажәҩан икыдихуа арҭ аеҵәақәа аимхәыц иахеиԥсоит, агәырҩа-хьаа, агәырӷьара гәахәа ирҭоит, ԥхьаҟатәи инасыԥ рылибаауеит
Угәырӷьала, аарла иааиҳәеит Иасон, иԥсы апара иаӷрагылаз амӡышәа зынӡа диҿамԥшӡакәа.
Умбои, ԥхыӡла ианубазгьы, ҳаџьмақәа реиԥш, аҟәҟәақәа дара ракәын изхаз.
Убри азы еснагь иҭабуп ҳәа шәасҳәоит, сшәеихырхәоит адгьыл аҟнынӡа.
Иузахмырԥо, высшьа змам уи амш аҟынӡа анцәа идырроуп усгьы шаҟа бжьоу.
Уаҩ дихәомызт дахьцалакгьы уи, ҩыџьа иреиҳабыз.
Мамсыр ижәлантәқәа, иҭахцәа, иуаешьара ршьа рурц азы абас мҩакы иқәлозар акәхарын, аха аҭакәажә мыжда илҳәаз зынӡа ируа иақәымшәо ӡибнаҟа имҩахнагеит
Абыкьгьы ҳасроуп, сара сҟны иҟоуп иара ахаҭагьы, аха уи азҳархарым, шәарҭ абыргцәа ҟәыӷақәа, шәыҽшаны шәнарылал ҳқыҭақәа, ҭӡыцыԥхьаӡа шәныдгыло, аизара шыҟало зегьы адырра рышәҭ иаҳа длахҿыхны дцәажәон ҳныхаԥааҩ.
Абзиа сызрылҵыр, иамуит иахьамуа, сгәыграк гәырк саҿаршәны сакыхт.
Нас ишԥазури, саналаҟам сзыччом, сызгәырӷьом сара цас.
Уа дахьнеиз даарыхьҭашьны дахьнышьҭалаз еиҳаеиҳа деиҭашәо, лымчыбжь аанҵәоны лыԥсҭазара далҵит.
Адунеиаҿ абри аҟара ацәгьа зыршаз, нас убри ами зегь раԥхьагьы иахьырхәтәу?
Шәарҭ аԥсуаа ишәымоуп ашьха рынцәа Анана-Гәында, дара