text
stringlengths
1
1k
Сара уаанӡа хәышә нызқь доллар ҳәа исҳәаз мап ацәыскуеит.
Сыхҭанакит ахәыцра хьанҭа шьҭак, хәынга ссирк сыцрымҵуа исхьынҳалеит.
Урҭи иареи, еиқәаҵәа-сымсалха, иҳанто ирыбжьа жьуп аԥҭақәа.
Ус сымамшәа, сыццакӡом аҩныҟа, схы сықәыжьны араҟагь сызтәаӡом.
Ҭаҭлан, уажәы лысбак ҳамоуп, изеиԥшроу убандаз!
Дырҩегьых иажәа иациҵарц шиҭахыз убаратәы ажәақәакгьы иҳәеит, аха ҩаԥхьа ацәажәара ицәыцәгьахеит.
Ԥслаҳәшәа изҿыслоз ахрақәа исыма сырхалеит, иҵәҵәаны исхырххьаз сыԥсы еиҭагьы исхалеит.
Ҳзыхцәажәо апиеса Гьечаа рҵыхәтәа аҿы иаларҵәоуп алафи, ашәеи акәашареи
Нхаҩык изыҳәан, аҽы аҭира азин инаҭарц, иара ишихатәу, ишимӷьычыз ҳәа иҽақәырԥсны амаҵмаба аҩра дшаҿыз аписар, игәиҽанӡамкәа
Убарҭ инарываргыланы, иахьа иҳаноумыжьратә игәыгәҭажьны иҟоу ашколқәа рҿы ахәыҷқәа ашәаҳәареи акәашареи хымԥада дырҵара азҵаара анықәгыла, иагьанҳалша, нас ҳазлацәажәо аус хьаҳәаԥаҳәада иӡбоу проблеманы иҟалон.
Сыԥшааларын исарҳәар иахьыӡыз, исхаршҭны уиаахыс ус шаҟа ҵыз.
Дад, амарџьа, дад Иуана, Даади, даади, доу!
Аменшевик игәшәа аҟаҵара акәын, икәа аҭалара акәын.
Адунеиаҿ уаҳа ԥсҭазаарак миуа, Аӡә ихала зегь ааццышәитәыр ауа, Нас, абар, абар, абар ҳахьаанагаз
Исышьҭақәаз саӷацәагьы руаҟәк аҟәара днықәҳаит, егьигьы уаҵәҟьа ҿыцха иҽылкаижьит.
Усҟан абла акгьы абом, иеибган уаҟа акгьы нхом!
Саԥхьа игыланы иабацо адунеи дугьы аҽырҿыцшәа!
Инықәыццышәаа игон, иԥҳәыс Бу ца лакәмызҭгьы.
Аҭабиақәа ржит, хаҳә-мҿыҳәла амҩақәа ржәагәеит, ахысразы иманшәалахап ҳәа, шәақь-хыҭҟьарак ахьанӡанаӡоунӡа абнақәа дырхит.
Дахьымаара дабацеи, аф лысыртә, дшикыз деимлагәа?!
Сара сышьҭа ауаҩраҿада иабансыжьри, уи сызхамыз.
Аха дук мырҵыкәа Ноурыз абахҭа дҭыҵит.
Урҭ есааира ихадырҭәаауеит ҳара иҳацәцахьоу, ҳмаҷра.
Уус злам ҳәа акгьы рдыруеит игәааз, урҭ ирдыруеит иҵасу, иҵасымгь.
Амҩа дуӡӡа сықәлозар, ҳаицыз, сҩыза, усықәлазар, гәыла ҳаибарԥхо.
Ахра ибон уи имч шақәымхоз, аха дхьаҵырц иҭахымызт.
Лнапаҿы илку асаби, иқәра иааноумшьартә, агәҭыхақәа рхубаалоит иблақәа, заа дышәхьеит.
Дарбан, уара, иавахаз уа ааҵра, сақәиршәарц игәы иҭамзар уи ҽеирак?
Ауаа, ҵҩа змамыз, абираҟ ҟаԥшьқәа кны, инеиуан иахәаԥшырц зхәыԥштәы еицакхьаз ихиҿ ҩежь.
Иӡбахә акәым, инеиҵыхны ажәабжь иара изкуп.
Уахакгьы Аҟәа салҵп схы дырны, уԥры смашьына лас сшьамхы.
Аха ара, адгьыл аҿы, ҳимпериаҿы нцәас иҟоу сара соуп.
Иан, мамзаргьы иашьцәа еиҵбацәа ргәахы анкыдӡаалак аҽага кны уалал ҳәа уаҳҳәом, амала унеины ҳамхырҭа убла иарба ҳәа ихәмаруа аҵәы иларҵон.
Акәаҷаб алашьцара иаларҷҷо, акәасқьа ааҵраҿы дахьгылаз, аҩны аҩныҵҟантә, аӡәы дгыланы, шьҭыбжьык лаҳауазар ҳәа ԥыҭрак дӡырҩуан Аминаҭ.
Кәышәгьы днаԥшааԥшуа, игәы хыҭхыҭуа амхырҭала дааины иҩны ашьҭахь дааҭгылан дӡырҩит.
Имаҭәақәа, аныҳәақәа раан ишәиҵалоз, икәымжәы, ихҭарԥа шкәакәа, иӷәақьиа ҟама, иуапа, инапҩымҭақәагьы ԥхынхызак инылаҳәаны, дҩаҵарҵан, дрыманы ицеит, уаҳагьы иҩызцәа роума, иҭынхацәа роума, ишьагашьа ҳәа аӡәгьы имбаӡеит.
Дамеи иеиԥш изҩыданы ихәыцуаз ауаа иагьа гәаҟра иақәшәаргьы ирылшоз зегьы ҟарҵон рыԥсадгьыл гәакьаҿы иаанхарц азы, атәымуаа рҳәатәы хаҵаны амшын рыҽхыԥсаланы нырцәҟа имцарц.
Ирацәаны иажәеинраалақәа рҟны ҩныҵҟалатәи агәҭынчымра шиныԥшуагьы, ииҳәо ахшыҩҵак аԥхьаҩ иҟынӡа инеигоит дымццакӡакәа, хыхьхыхь акәымкәа, ҭынч-ҭынч, ирҵауланы.
Ҭынха дызмаӡамыз иеиԥш соурыжьын, абар, саауеит.
Ианыҽҵысыз, ианмархәацыз, иҩуа, иԥо ҳашҭа иҭан, аханатәгьы ихьчо сацын, уи хьыӡҳәала са исыхәҭан.
Ароман акомпозициа иҭаршәҵәҟьаны акәӡам аспектакль шеиҿартәу, акыр иеиҭарсуп.
Аха уи уаанӡа иара дҳәаны дизтәазаарын.
Сара издыруеит уи гәыкала бзиа дшыббо, уиоуп зегьы ирыцку.
Аҩны шьҭыхны ажәҩан ахь идәықәнаҵаз џьысшьеит.
Афронт аштаб иҳаднаҵеит Абарони ири нҳарҵәарц
Иамукәа исықәшәар уи амш, Иамукәа исықәҳар уи амч
Аспектакль анаҳҳәалак, арежиссиор ииԥшааз амизенсценақәа, адетальқәа, иагәылсны ицо ахҭыс сквозное деиствие, иаахтны иқәыргылоуп уи инеиҳаны, инахыҳәҳәоны, иаҵаҵәахны иагәылоу азҵаара сверхзадача, артист иҽеиҭакшьа перевоплошьчение уҳәа рымацара ракәӡам ҳара ҳзызхәыцқәо.
Излазбо ала, дара аӡәгьы илаԥшгьы сыҵашәом, аҵла иҿшәаны инкашәаз абӷьыц аԥша инықәҵа-аақәҵо ишаго еиԥш, сынҭаҳа-ааҭаҳауа сцоит.
Манча драқәԥон ҩыџьа рымчцәгьа, Ҭемыри арҩаши еизакы.
Сыбжьы нҭыгангьы исҳәарц аасҭаххоит изыскхьоу сажәеинраалакгьы, аха уи уажә агәгәа зыхга инеиуа амашьына аҩныҵҟа иабаҭыԥыз, ус гәаныла анҵәамҭа сгәы иааҭысҳәаауеит ауп
Сҩыза, ешьаҵас уара узҭахыз иоуп сара сашьцәа ирзызуз ешьара.
Рацәакгьы ахыҵуам, аха уамажә зегьы ахыҵуашәа иҟалахьеит.
Ари ҟазҵа ашоура аныцәгьаха, ацәқәа иаарықәшәаны, ичмазаҩханы иԥсуеит.
Сара снаганы уи адгьыл ахьажыз аҭыԥ сдырбеит.
Аҭара аганахьала Кәыдры ахықә унықәгыланы Аҟәаҟа уааԥшыр, Шаумиановка ҳәа ашьҭахь изыхьӡырҵаз ақыҭа, ҵаҟа, лбаанӡа, ҩадахьы, ахәы уахьын хыҵуанӡа, ашьхаҟа аганахьала, Наа Амыҟәреи Аҩыраӡареи наҵанакуа, Маршьанаа Рхәы ҳәа иашьҭан ажәытәан.
Руаӡәы ихьӡын Башаныҟәа, аус ибар дбыбуан, ҩызас диман Аашьаныҟәа арыжәтә анибоз дԥыруан.
Ачаахәараҿ еиҳа срыцҳашьан здыруада снарышьҭуазар ҳәа есышьыжь зысаби мчыла ацәа далыкәкәаан даазгалоз аԥҳәыс, арҭ акы иалаҳәаӡамкәа еисыҵәҟьоит лҳәан, дгәыҭҟьа-ԥсыҭҟьаха лышьҭахьҟа днеихеит.
Зегь реиҳа зыӡбара уадаҩуп ҳәа иршьоз Аԥсны Аминистрцәа Рсовет Ахантәаҩы инаиркны аминистрцәа реилазаара ашьақәырӷәӷәара акәын.
Аӡә гәыкала исеиҳәоит, сгәаҟра даргәаҟуеит, исыцралаз амца ирцәарц иҭахуп!
Иахьа игәалаиршәо агәра узгозар, ус акәзаргьы ҟалап.
Урҭ ахымшкгьы Ҭабзала ақыҭа иакәыршаны иахагылоу ашьхақәа рмаҟҿаҳәара ҩахыс иумбаӡо, рыхқәа аԥсҭҳәа ӡлачқәа ирыларшьшь ирылагылан.
Усҟан афилологиатә факультет аԥсуа сеқтор аадмыртыцызт.
Уи ианугәаланаршәо ыҟоуп иара ауаҩы ихаҭа ихымҩаԥгашьа.
Уи иаҵанакуа еилызкаауагьы ҟалашт, аха иззеилымкаауа еиҳахоит.
Гәаныла дахыччалон ари, аха ус зыҟабҵозеи ҳәа дылзымҵааит.
Исҳәап, исымҳәап ҳәа алакҩакра саналагалак, ус сгәы сынҭахәыцуеит
Убри аамҭаз хәыҷык лыҵәаабжь, аҿҿаҳәа ибылуаз аҩны идәылҟьаны иааҩуа иалагеит.
Угәы ишԥаанаго, изхароузеи, изыхҟьозеи аҳабла иахьазымҳауа?
Аибашьра сыхьӡеит сара Бобруисктәи абнаҿы, – иҳәеит хариташвили Аԥснытәи иҭоурых ааркьаҿны ианиҳәа ашьҭахь.
Елизавета Николаи-иԥҳа дызлацәажәо аибашьра аныҟалаз аамҭоуп.
Имлашьуа игәароу алашьапыфацәа узларықәгәыӷуеи, еснагь угәуҽанызароуп, иуҵаргало сеидроу, ара, егьаумҳәан, иааукәыршан инхоит уеиашьара урҭ рахьынтәгьы алашьапыфацәа маҷҩым, аха
Уҽыхәа унасны, адәеиужьгьы цәырҵәаны иахьуҭаху уцар ауа иҟахындаз!
Абыргцәа ҳхеидкыла иалоу рыдагьы, хар змам ҳәа иҟақәаз еизаагеит.
Урҭ ианакәызаалак рыжәлар рлахьынҵа аиҳа, рхатә қьафура еиӷьыршьон, аиҳабыра еимакны дара-дарала лааԥшымҩа рибаҭомызт.
Быхцәы бырфын, сара мыцхәы исгәаԥхоз, сеилазгоз быхцәы, сналалап, амшын ацәқәырԥеиԥш, иеиҩырҽҽо
Саԥхьа-сышьҭахь иҟоу леилаӡҩоит, сназхәыцуеит абри сара нас
Ажәеинраалақәа реизга тиражла зегьы иреиҳау зқьи хәышә рҟынӡоуп иахьынаӡо.
Иаҳәшьак леиԥш бзиа даабон ажакьа еиқәаҵәа сыԥҳа ҳәа леиҳәон.
Асас иагьа дҟәышзаргьы, аԥшәма иҭыԥ изныҟәгом.
Аха ауха лцәыбзеи лареи еибырҳәахьаз лыҷкәын имдыруази уи иаб иеимҳәаӡеит, лцәыбза дахьырашәоз аганахь амҩа ианиԥсалаз абыӷьқәа ҟәшәаны иаби иареи ахьырашәоз аганахь амҩа ианиԥсалеит.
Ари аԥхыӡмаана иаҳәон дара бзиа ишеибабоз атәы.
Мҽышан, сара саниуаз, илаҳарц лҭахымызт сангьы аӡә иуаз.
Наҟ-ааҟ аҳаракырақәа урҭ ахысбыжьқәа зҿаҩуаз, рыхәламшәа ҵыркаазшәа инарҿабеит.
Уи наҟ дахьубарҭам Дцахьеит, узихьымӡо хара.
Баҭал излеиҳәо ала, астол иахатәаз деибганы уаҩытәыҩса дзымгылаӡеит.
Даҽаџьоукыхгьы аҵара уаҩ дарӡуеит, дахнагацәоит, ишьаҭақәа дырҟәҟәоит ҳәа ирыԥхьаӡон.
Абарҭ роуп ииҳәаз иҿала, аха гәаныла урҭ иҳәомызт, рыгәрагьы игомызт.
Араҟа иан Уардахан, абаажә ушьа узымуит ҳәа аҽԥныҳәа илҭогьы, аԥсы дыҵнарҟьап, абза иакәым.
Ари агәылацәа ракәым, аешьа гәакьагьы аԥшәма игәашә иара иааиртаанӡа дахьымнеиуа, – иҳәеит, даараӡа иџьеишьеит, иагьицәымыӷхеит, – иҳәеит.
Ианыҟалаз аҩны иалацәажәоны илаҳазаргьы, илхашҭхьазар акәын.
Сара, мап, сыхшыҩдам, уаргьы саргьы иаҳзеиԥшу сыдгьыл еиқәсырхоит.
Бара буаҩуп, быԥсы еиԥш бзиа иббозар акәхап быԥсадгьыл
Имцу апатуеиқәҵара шаҟа хара ҳацәцо, аиаша иаҳа ҳазааигәахоит.
Лади Ӡыкәыри, абри аԥсабара шкәакәа рымҵаҵаны, шәҟәык еиԥш еихыршәшәа иаԥхьозҭгьы, арҭ ахәыҷқәа рзы, уи иахьа, лаԥш зхьымӡоз дәеиужьын, нҵәара зқәымыз хәмарган, имчԥышәаган, иблагәырӷьаган, утәы-стәы аламызт
Аублаақәа амшыннырцә иахьнеизгьы, ҟыбаӡыба, агәаҟрақәа аурыгхахуаз, ргәаҟра нацлон.
Уи илыцхраауеит Марина Ҷанбеи, аибашьҩы Саша Делалоӷлии, иан Милиа Маклецовеи.
Рышьҭыбжь убриаҟара ицәгьан, аокеан агәрымрагьы рыҵадырӡит азныказ.
Ҽнак Қарҭынтәи ателеграмма ааит, ашьыжьтәи адәыӷба ҳланагоит, уаҳԥыл ҳәа аҳасабеилыргаҩ хада инапы аҵаҩны
Аха инагӡаны еилкаам ашәҟәыҩҩы ипозициа, иалкаау аӡәи-ҩыџьеи ирхареиҵауоу, инеидкыланы ацивилизациакәу изхароу, игәниго, дызыгәынқьуа аҭагылазаашьақәа.
Сызвагьежьуаз ауадагьы ҳара ҳзыҩназ иаҩызан аҳаԥшьа еиԥш иҭырҩызаа ишьыхын, ашәызаҵәык ҿан, ахышә захьӡу адгалаӡамызт