text
stringlengths
1
1k
Едгьагә ауахәама шәҟәыԥхьарҭаны иҟаҳҵап, арадиогьы уахь инаагап аниҳәа, Бадра-Бандалеи зынӡак дааԥнажәаӡеит.
Иҟаз еиқәызҵогьы сылахь, сҽасҭарым уи, изҭахыда.
Ҳгәаанагарала, урҭ бнауаҩҵас еибафоз, хԥхьаӡарала еиҳазаргьы, Аԥсуара зырҿиаз ашьхаруа жәлар, урҭ ирхыҳәҳәауа игылаз жәларын уи шаҳаҭра ауеит агумонизмра агәылжжуа идырҿиаз акультура ахаҭа.
Цыԥхь хәыҷык неины иҭашәазар ҟалап уҳәартә иаацәыҵԥхеит уи ахаҿы.
Ақыҭаҿы хәҩык, фҩык инеиҳангьы ахшара рааӡара, иара убас ааӡара апроблемагьы, абызшәа аԥхьа инаргыланы.
Шьҭа сымҩа шиашоу ицоит амраҭашәарахь, иара сымрагь аалаҟәит шьҭа, абар.
Иудыруеи, схәыцуеит, ҽакала сҩагылар, уахак иаасзыршар.
Сара ашьха сзыргаз, сҟәышын, сыԥшӡан азоуп!
Мап, џьоушьҭ, усҟак злаԥысҟо сызҭода, арҭ ргьама абаразы иахысыз роуп.
Ҳара убас зҳахьуа убри азоуп сара сгәы излаанагоуала, аӡын ҳарахә, ҳнырхага ҳацәаӷәагақәа
Быхәлаа дрымаҳәын, раԥхьагыла иԥҳазаҵә лхаҵа иакәын.
Ааи, ас иҟәандаӡа, уцәа-ужьы иалсуа арҳәара даҽаӡәы илшомызт.
Мап ацәкрақәа узымариоуп, ҳаргьы мап ҳцәумкуазар, уааила, убара дшеигәырӷьаз убоит аҭаҳмада, қьышәқәҵарала даасыхәаԥшит.
Аӡыхь ахьхьаҳәа ахра иаҵҟьо, ираӡынԥсаха ацыԥхь иацҟьо
Уи ада-гьы ҳуаажәлар ақалақь ахьынтәи еихьшәшәа-еиԥышәшәо, игарыгаҽо акылсра иаҿуп.
Укәтыжь аиҳа, аӡә икәтыжь иаҳа ихаауп.
Амала, абырфынсыҩцәа рганахьала иалукааша аҳҭынраҿы еидкылаз аҟазацәа ирсуаз, пурпур ҳәа изышьҭаз, аҩыза даҽа ҟазак аҟаҵара азин имаӡамызт, уи азин еилазгаз акнаҳарҭахь имҩа хан.
Аҭынчра зынтәалоу аҵх асаан ианызгаз сыздыруам, иԥыххаа икаԥсан.
Исгәалазыршәаз, уамак аҵанамкуашәа иҟоу абри афақт хәыҷы инаркны, абџьар кны, Аԥсны иақәлоз агрессорцәа аанызкылоз рҟынӡа рыхьӡ амырӡра, аҭоурых азныжьра, иаҳа еиӷьзар ҟалап ҳақәӡаауеит ҳәа, иҳацәтәыму ажәақәа рҳәара аҵкыс.
Инацәхыԥқәа адхыжәжәалазшәа ихьт, ахаҳә ду адгьыл иахьыҵаз ахы ааԥшуан ауп.
Аспектакаль сара даҽаџьара саҿаԥшуашәа збоит, аҭак ҟаиҵеит ассоциациа ахантәаҩы.
Урҭ зегьы акы исыхәарҭахо исымбеит, сшьапы шыҟац иҟан.
Ииҳәаз имаҳаӡазшәа, хәымгарак кнаҳаны избаз ахәыҷы иеиԥш, дшахәаԥшыц дахәаԥшуан Привет, Маша!
Аповест лахьеиқәҵарыла, гәкаҳарыла инҵәозаап, ашәҟәҩҩы аԥсҭаазараҿ абзиа аиааира азгом ҳәа шьақәирӷәӷәозаап шаҳҳәо, Мариа арҭ лажәақәеи лҭагылазаашьеи ажәабжьҳәара иаразнак иаалырҟьаны, иаақәырҵәиааны зынӡа даҽа ҵакыки хырхарҭаки арҭоит.
Аамҭалатәи усын, иргәаҟуа арахь зҿаазхаз еиҭах.
Уахь агәашә аартны инҭалап, аҿыхрагь иалагашт лассы.
Са санԥслакь шәара сыжәжы, адамра сҭаҵаны.
Ачымазаҩ дыҟоума, асаби дыцәоума урҭ аҩбатәи аплан ахь ииасуеит.
Исгәалашәоит, заҟа аинтерес ҳкыртә аҭоурых ҳирҵоз.
Насгьы араҟа иаҳҭатәаз иқырҭцәам ҳаӷацәа зегьы Қырҭтәыла иалаҳцоит
Абду Филати Маргаритеи ираҳаз ажәабжь омашәаҵәҟьа ир цәымӷхеит.
Уахынла-ҽынла амҩақәа ԥҵәаны, ирымаз ашәақьқәеи агикоқәеи кны иҷаԥшьон, агәыԥқәа дырхылаԥшуан, шьоукы-шьоукы ишыҟарҵалоз еиԥш, имаҭәақәа аашьҭыхны, аҳаирплан дынҭатәаны Гәдоуҭаҟа ачаԥха ифаларц дымцаӡеит.
Иара убасҟан, иоурашәа аныҳәа, абраҟа даацәырҵит Иуда ихаҭа.
Дазусҭзаалак забџьар цәырзымгаз Аԥсны дшалаҳцо идыруаз ҳәагьы имақарит.
Ақәрахьымӡа аҵеи дзыҭнымхаз иԥсра аԥсуаа шазыҟаз абри ала иаарԥшуп.
Ԥыҭрак ашьҭахь, Ҭарасхан ажәқәа раахәара даҟәыҵын аҽы ааихәеит.
Уи ибаҩхатәра азыҳәан аҭакԥхықәра рыдуп изааигәоугьы, аҭакԥхықәра шрыду еиԥш ацҳаражәҳәаҩ дрыхьчарц ицыр ҵаз.
Иԥҽыз акаканқәа ана-ара инеидкыла, цыӷқәоума қьафлаҵәҟьа ичаз?
Нас иаразнак игәы шԥахшәеи, иан лыбызшәа иахьа абас?
Дасу иара инасыԥ имоуп, издырӡом иахьыҟоу иразҟы
Амхы ацәаӷәареи, ахкаареи, арашәареи шәара шәадгыл.
Ҳазлацәажәо арҿиаратә усхкаҿы зыӡбахә сҳәаз авторцәа иаԥсуоугьы иаԥсуамгьы досу рлагала шеиҟарам еилкаауп.
Аҭаҳмада даныҷкәыназ уи аҭоурых иаҳахьан, аха иԥсҭазаара иадҳәалоу хҭыск еиԥш деигәырӷьаны иҩызцәа рҿгьы еиҭеимҳәацызт.
Аӡҩыбжьаа реибашьцәа Кәыдры ацҳа ԥыржәеит ҳәа адырра ҳауит иахьа.
Зегь акоуми, Сқьеԥарна, ҳнапы ҳҟьар ахәҭаӡами?
Аха уаха егьарааны дмааргьы, ихәы ачанах иҵахҩаны, ампахьшь хәбаба илаҳәаны илыман, ларгьы дадтәаланы дизыԥшын
Ара иаабоит раԥхьаӡа иргыланы дызхагылоу аус агәцаракра имоу, акы зланы иибаз дышреиҷаҳауа, рыц хибажәауа акәымкәа аӡәи-аӡәи реидгылара, реицхыраара акыр иаԥсаны ишиԥхьаӡо
Алакә сзеиҭеиҳәозшәа исеиҳәоз ажәабжь сатҟәан, наҟ исеиҳәарызеи ҳәа сыԥшын.
Зхы замхаԥагьаз абырзенцәа, тоннабжак аҟынӡа араӡын шасыс иаанижьырц иарҳәеит.
Гьала-гьала, џьымшьы ргьала, аҭаца дгьалоит, анхәеи абхәеи шьамхааԥсақәа рыҩнаҭа ргәырҩоит.
Дшәеит нас Ҟәбина Сасрыҟәа дагар ҳәа, дҭахеит, аӡиас дазцан лхаҭагьы.
Унапы ианиҵаз ҟаумҵар дуаӷахоит, иӷәӷәангьы дуԥырхагахоит.
Еиҿикааз ацәыргақәҵа уи бжеиҳарак сара сматериалқәа рыла еиқәыршәан.
Ҳабацәа уиа ӡынра ӷәӷәа иазҳәоуп, – рҳәоит.
Иҭахы-иҭахым, убри аполитика анагӡара дацхрааит, дацхрааит акәым, аԥхӡы азкеиҭәеит зыӡбахә сымоу аҳақьымгьы.
Саргьы исымоуп, – лҳәеит, имырхьаацәакәа, ара Џьамал ԥшӡакәакәара ҽеила дудыруа дыҟам ижакьа аужьны дшыҟақәоу умбои
Издыруа ҳәа иҟада, иажәа анагӡара даҿын апап, иҟалап иаашар еибашьтәыс ишәоургьы.
Лассы ҳныбжьалеит смааижьҭеи асфальтгьы зқәырҵахьаз агәарабжьара мҩа Абаза моҳалесси.
Иагараан иара абла саркьа ихаҭагьы абраҟа дааихьан, иагараан еидтәаланы иага цәгьа-мыцәгьа рыӡбахьан.
Аха, аамҭа, ухьышьаргәыҵа сакәхшоуми, Ауаҩытәыҩса знык ианиуҭа аира, игәыхәтәы дахьызыгӡашагь уара уоуми, Идумгалан уи дышқәыԥшу аԥсра.
Арахәыц икуа, икуа мацара, аанда дынхыҵын, Пыӷа ишҟа длеин, еицны ицеит.
Нара илыхьӡнызҩылоит дхәаԥӡа сҟәаҟәа дықәтәоуп уажәгьы Нара.
Кьаразаа ар ираԥгыла, аменшевикцәа ргәашә цҟьаны, рхы-рҵыхәа иакәша, еидкыла, рҿаархеит ус рыҽшаны.
Ақырҭцәа наԥшы-ааԥшны аԥсуаа ажәыларахь ишымнеиз анырба, рымч-рылша зегьы ақалақь аҩадахьтәи акәакь ахь инеиз агәыԥ ирыжәырҵеит.
Ақыдсақәа рхаҿы иқәтәаз, раб иакәхап, даҽа ԥсҭазааран дызҭаз.
Исҳәеит хажәак иҳәатәыз, Аха ишысҳәазоуп аус
Ашәыҟәҭыжьырҭа ҳәынҭқарратә усҳәарҭаны ишыҟоугьы енагь аҳәынҭқараа рықәҵарақәа, рнструкциақәа рыла аус азуам, иаԥызароуп аус зырманшәало амеханизм, иҟазароуп аҭыжьырҭатә Ԥҟара, Аустав, иахьазы ҳрҿиаратә Еидгылақәа уи ахабар ҳәа егьрыздыруам, наҟ-ааҟтәи еизыразрала ишьақәрыӷәӷәазароуп уи аредакциатә Хеилак асахьазы акәымкәа аус иатәны.
Ахш агәараҳәа еижәхысланы ишааиуаз, бынҽак аиҳәа снахыԥауеит аҳәан, изахымԥакәа ахш иҩалаҳазаап, ишьҭкәыцәаа иама аҿаанахеит.
Ута дасуан, Маџь Житомир дыҟоуп ҳәа лгәы иаанагоит, адрес ианхәа лыла еилылкаар лҭахуп.
Миха Бӷажәба, Косигин, Никәа иҩны дааигеит, сара сқыҭа иатәу иҿы ҳаԥсы ҳшьап ҳәа.
Сара сҽыхәа, ахәда еиҩырхәа, сара сҽыхәа аԥрыцә, аҵыхәа ирынпыҟҟала аџьоуҳар
Абри гәахәаракгьы аалнаҭеит Зина, аӡаагара зымч ӷәӷәала иашәахьаз лан лџьабаақәа маҷк ирыгнархоит, ҩбагьы, аринахыс илулак лхәыҷқәа лыманы лассы-лассы абрахь дызҩеилар, рыкәабара-рышьышьра, рымаҭәа-рҩыҭәақәа рыӡәӡәара еиҳа иарманшәалоит
Угәы кыдгылт, издыруеит, уеидара шьҭоуҵар, ишьҭыхны изго ҳәа дышумам аӡәгьы.
Аччара мыцхәы, аԥсшәаҳәара мыцхәы, аҭоуба мыцхәы
Анатоли Лагәлаа адунеи ду уаҳа самкуа, Арахь ицәырсымгац шәа шәҟны, Гәҭыхак сымоуп, иҳәаӡамкәа, Уи саргылт снапы санкны!
Анаҟә баша ихымызт, ишаара иаахьаз ашьац ақәаԥсата ақәыҳәҳә иҟан.
Аха вҵиаақәак аасыҵаст, снаскьаргьы шьҭа ирҭахшәа.
Адәыӷба са сцасҳәа иаҳа иццакит, иааҳәыз сгәы исызмырхынҳәуа имцакит.
Уи иҳаиҳәеит Аԥсуара закәыз раԥхьаӡа ишидырыз атәы.
Убри диеиԥшшәа, убри ифункциа наигӡошәа дҟаҵоуп Асду аҿы Аҵаҳәа.
Урҭ зегь уаҩԥсык еиԥш драцәажәо иҭагаланы, дасу рҭыԥқәа рҿы иҭеикуеит, ранацәа рырмашьцаразы, абат лахь-ҷашьеи аҳәыс шьап-хьышьаши ааиган, ажәи ажәкамбашьи иара ихала ихьоит, Мактина џьабаа лмырбакәа, ԥҳәыск дызиргәаҟрызеи, нас
Адәахьыҟа ацгәы ԥсы акәым, уи ахәыцҵәҟьагьы рыцҳашьаны иузкаршәрымызт.
Лассы еиликааит урҭ рҿы мацара даангылар, ашьҭақәларада иҿыцу рацәак акагьы шаанамгоз.
Ларгьы даараӡа иртатаны диацәажәон азнык азыҳәан.
Аҭаацәа инадыркны аҳәынҭқарра ахаҭа ашьақәгылара аҟынӡа инаганы уахәаԥшуазар, зегьы уасхырс изықәгылоу убри зҿы еилымго аҳаиуан қьиа ду акәӡами?!
Қиҭовани дышҽадабаӷьыз аурысқәа идирбеит ҳәа сыҟоуп аицәажәарақәа раан.
Акамбашь Бача ашәа ҳажәла мыӡроуп, инхароуп ҳаиуа, ҳамгәа ҭыҵлароуп ҳҳаиҳаиуа.
Даҽа ажәак-ҩажәак ари апиеса иазкны икьыԥхьу астатиақәа рзы, хыхь исҳәахьоу раамышьҭахь.
Уи зны махәҭак налҩаауеит, нас даҽакы, урҭ ирышьҭалоит акакала егьырҭ иаанхаз, уимоу, адгьыл иҵоу адацқәагьы еилԥсаауа иалагоит, ишнеи-шнеиуагьы шәыр зҿало ҵлазар абӷьыҵәҟьа цқьа иазылымго, ԥхарреи ҟәандареи амыхәаӡо, ашәҭра иаҟәыҵуеит, ԥша ӷәӷәак асаанӡа ус аҽынкылашәа иааиуеит
Иҟоуп даҽа џьоукы, шәҟәыҩҩцәақәак, даҽа шәҟәыҩҩык изыҳәан цәгьарак ҟарҵар, ихатәы шәҟәҩыра иацхраауеит ҳәа зыԥхьаӡо.
Аҽеидкылара саҿуп, шықәсыки ҩымзи аӷба зыҩныз, шаҟа еидкылатәыз
Аха аҩымҭа аламцәажәашьа амам, избанзар, уи ишьҭнахуа апроблема, излацәажәо азҵаара, алитерату ратә рҿиамҭа арамкақәа ирҭысуеит.
Усҟан аҟараҵәҟьа аԥхьаҩ ҳилхәдаамзаргьы, изгәаҟра уеизгьы иҳамоуп иахьагьы.
Арҭ ара чеиџьыкак дмырхиар аушамызт, ҳара убра ҳнамгаӡакәа, дара неидтәалону!
Исхамышҭуа исзаанхеит ҽнак, асеминариа аҟны, иажәа иалаҵаны ииҳәаз, аа, абри, уажәы сызҵаԥшуа, ашәҭ-ҵла азыҳәан ихы насықәкны ииҳәаз
Ирҿиамҭақәа рҿы жьи-цәеи реиԥш аҵаки аформеи хеибарҭәаауеит, иҭибагоит.
Иҟоуп, ааи, иаԥысҵаз, исзаԥымҵаз, иҭабуп убарҭқәа зегь рзы!
Уи ак ахьны иҟамкәа еибгазар, аламала аҭра иҭагыло иҟазма?
Уаха ахәылԥаз ианааилатәоз ирыӡбон, дасу уаҵәы дызлагашаз
Ишдыру еиԥш, абызшәаҿы исахьаркым ажәа ыҟаӡам, аус злоу аконтекст аҿы иахьҳәои ишҳәои роуп.